Print this page
09.Хәажәкыр.2023

АЦӘЫРГАҚӘҴА «АԤСНЫТӘИ АҲӘСА» ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲӘСА РЫМШНЫҲӘА ХӘАЖӘКЫРАМЗА 8 ИНАМАДАНЫ ИМҨАԤЫСИТ

Аҟәа. Хәажәкырамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа инамаданы аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа «Аԥсны аҳәса» ҳәа хыс иаҭаны  иаарту ацәыргақәҵа еиҿыркааит. 

Уи мҩаԥысуан С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа. Ацәыргақәҵа  аҿы ицәыргақәҵахеит 36 инарзынаԥшуа Аԥсны аҭоурых аҿы зышьҭа аанзыжьыз аҳәса рфотосахьақәа.

Иарбоу аколлекциа есышықәса иацлоит иҿыцу ахьӡқәа рыла.

Ацәыргақәа иаҭааит хыԥхьӡара рацәала ахәаԥшцәа, урҭ рыбжьара иҟан аиҳабацәа реиԥш имаҷымкәа ақәыԥшцәагьы.

Аҳҭнықалақь аԥшаҳәа аҿы инеиааиуаз ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи гәахәара дула астендқәа рахь инеины акыраамҭа иадгыланы Аԥсны еицырдыруа аҳәса рпортретқәа ирыхәаԥшуан, рбиографиақәа ирыԥхьон. .


Read 205 times