Print this page
08.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АҲАҚЬЫМ» ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АХҴАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 2023 шықәса хәажәкырамза 6 аҟнытә Иусԥҟа №79 ала агәабзиарахьчара аусхк аҟны шықәсырацәала лыҵшәазмоу аусуреи рзы  «Аԥсны

Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп:

 

АМԤАР Ада Павел-иԥҳа – аҳақьым неонатолог, АА Агәабзиарахьчара аминистрра АУ «Ареспубликтә хәышәтәырҭа» ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы;

ЏЬЫНЏЬАЛ Мактина Виачеслав-иԥҳа – Аҟәа ақ. Администрациа АУ «Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа» Афилиал №7 аҳақьым атерапевт;

ҬРАԤШЬ Рита Владимир-иԥҳа -  АА Агәабзиарахьчара аминистрра АУ «Ареспубликтә хәышәтәырҭа» аҳақьым акушер – гинеколог, акушертә-физиологиатә ҟәша аиҳабы.


Read 324 times