Print this page
06.Хәажәкыр.2023

ДОНБАСС ИҬАХАЗ ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ЕИБАШЬУАЗ РЫԤСЫБАҨ АԤСНЫҞА ИААРГЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Донецктәи Жәлартә Республика аҟынтәи Аҟәеи Гәдоуҭеи иааргеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз, Донбасс ахьчараан иҭахаз  Адам Лагәлааи Нодар Абыџбеи рыԥсыбаҩ. 

Адам Лагәлааи Нодар Абыџбеи Донбасс  ахьчаразы ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа, 2022 шықәса азы иҭахеит, аха ишьақәгылаз иуадаҩу аибашьратә ҭагылазаашьа иахҟьаны, урҭ рыԥсыбаҩ иахьа уажәраанӡа аибашьратә хҭысқәа ахьымҩаԥысуа азона аҟынтәи ралгара залыршахомызт.


Read 290 times