Иуадаҩу арратә ҭагылазаашьа иахҟьаны иҭахаз рыԥсыбаҩ аибашьратә хҭысқәа ахьымҩаԥысуа азона аҟынтәи алгара залыршахомызт», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсабаҩ Аԥсныҟа раагара азы Донецктәи Жәлартә Република ахь амҩа иқәлеит.
«Ҩыџьа ҳтәылауаа ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа 2022 шықәсазы Донецктәи Жәлартә Республика ахақәиҭтәра азы иҭахеит.