Print this page
04.Хәажәкыр.2023

АТӘЫЛА АНАПХГАРА АХАҬАРНАКЦӘА АԤСНЫ АҨБАТӘИ АХАДА СЕРГЕИ БАГАԤШЬ ҲАҬЫРЛА ДЫРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа  Багаԥшь иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 74 шықәса. Аԥсны Аҩбатәи Ахада иира Амш аҽны атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Сергеи Багаԥшь инышәынҭра аҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.   Сергеи Багаԥшь ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнак Гарри Кәпалба,  Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, Аԥсны аполитикатәии ауаажәларратәии еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь 63-шықәса дшырҭагылаз, лаҵарамза 29, 2011 шықәсазы Москва ақалақь, Афедералтә медика-биологиатә агентра иатәу 83-тәи ахәышәтәырҭа аҟны имҩаԥгаз ирыԥҳа аҿы аԥҟара ашьҭахь мчыбжьык ааҵуаны еиԥш иԥсҭазаара далҵит.  Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь Очамчыра араион иқыҭа гәакьа Џьгьиарда, иани иаби рааигәара анышә дамадоуп.


Read 152 times - Аҩаша, 07 Хәажәкыр 2023 09:20