Print this page
22.Жәабран.2023

АЛЕКО ГӘАРАМИА ААУ АРЕКТОРС ДЕИҬАЛХУП.

Аҟәа. Жәабранмза 22, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректорс хәы-шықәса аҽҳәара иманы  деиҭалхуп афизика-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа, АМАН, РАЕН академик  Алеко Алеқсеи-иԥа Гәарамиа. 

Инарҭбаау Аҵарауаа Рхеилак алахәылацәа еицҿакны А.А.Гәарамиа ААУ аректорс иалхра азы рыбжьы рҭиит. Имаӡоу абжьыҭира рхы аладырхәит 55-ҩык Аҵарауаа Рхеилак алахәылацәа рҟынтәи 54-ҩык. Зегьы еицҿакны иқәыргылаз азҵаара иақәшаҳаҭхеит.   


Read 407 times