Print this page
21.Жәабран.2023

БЕЛОРУССИА АТӘЫЛАУАА 30-МШЫ РҞЫНӠА ВИЗАДА АԤСНЫ ИҞАЗАР ҞАЛОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атуристтә, мамзаргьы аусуратә хықәкқәа рынагӡаразы Аԥсныҟа иаауа Белоруссиа атәылауаа   30-мшы рҟынӡа визада ареспублика аҿы иҟазар ҟалоит.

Уи азы аиҭакрақәа алагалоуп Аслан Бжьаниа «Хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа визада Ареспублика ахь аара азы» рашәарамза 30, 2016  шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа.

Уаанӡа Белоруссиа атәылауаа визада Аԥсны иҟазар ауан ҩымчыбжь иреиҳамкәа.


Read 396 times - Аҩаша, 21 Жәабран 2023 23:44