Print this page
21.Жәабран.2023

АСЛАН БЖЬАНИЯ БЕЛОРУССИА ДАҬААИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ареспублика Белоруссиа даҭааит.  

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Лукашенкои реиԥылара мҩаԥысуеит. Аиԥылара аҿы аҳәынҭқаррақәа рхадацәа аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.

Ареспублика Белоруссиа аҟынтәи даныхынҳәлак ашьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Москва ақалақь аҿы иусуратә визит иациҵоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.


Read 388 times