Print this page
21.Жәабран.2023

ГӘДОУҬА АРАИОН АПРОКУРАТУРА АВТОМАШЬЫНА АԤЖӘАРА АФАКТ АЛА АШЬАУСЕИЛЫРГАРА ХАЦНАРКИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Апрокуратура Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәеидкыла ахәҭаҷ 164, ахәҭа 2 (ԥжәарыла атәым мазара гәҭакыла аԥхасҭа аҭара), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәыцгақәа изакәанымкәа аҵәахра, аиҭарсра) рыла  ишьақәыргылам ахаҿы иганахьала аусеилыргара хацнаркит.

Жәабранмза 18 рзы 3 сааҭки 30 минуҭи 4 сааҭки 10 минуҭи рыбжьара, ишьақәыргылам ахаҿы атәым мазара аԥхасҭа аҭара гәҭакыс иҟаҵаны, Гәдоуҭа ақалақь, Арӡынба имҩа, аҩны №7 ашҭаҿы игылаз автомашьына макьаназы зыхкы шьақәыргылам арҭҟәацга аҵеиҵеит.  

 

Иҟалаз аҭҟәацра иахҟьаны автомашьына ӷәӷәала аԥхасҭа аиуит. Уажәы ацәгьоура ҟазҵаз иԥшаара азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа имҩаԥысуеит.


Read 334 times