Print this page
21.Жәабран.2023

ЖӘАБРАНМЗА 21 РЗЫ – АԤСУА ЛИТЕРАТУРА АШЬАҬАРКҨЫ ДЫРМИТ ГӘЛИА ИИРА АМШ АЗГӘАРҬОИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза  21 рзы – Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иира Амш азгәарҭоит (21.02.1874 – 07.04.1960). Иахьа Аҟәа ақалақь, Р.Гәынба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ашҭаҿы, ашәҟәыҩҩы анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.  

Дырмит Гәлиа игәалашәара азы арахь имҩахыҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуҩцәа Баслан Џьопууеи Владимир Делбеи, акультура аминистр Даур Ақаҩба, аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи апрозаикцәа, арҿиаратәи анаукатәи аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа, ауаажәларра.  

 


Read 359 times