Print this page
20.Ажьырныҳәа.2023

АԤСНЫТӘИ АШАХМАТАСЫҨЦӘА АԤСНИ НИКАРГУУЕИ АШАХМАТҚӘА РФЕДЕРАЦИАҚӘА РКОМАНДАҚӘА РЫБЖЬАРА АШАХМАТҚӘА РЗЫ АКТӘИ АИҨЫЗАРАТӘ ОНЛАИН-ТУРНИР АҾЫ АИААИРА РГЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматасыҩцәа Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа Рфедерациақәа ркомандақәа рыбжьара имҩаԥгаз актәи аиҩызаратә онлаин-турнир аҿы асчиот 7:1 ҳәа иаиааит.

Ажьырныҳәамза 20, 2023 шықәса рзы имҩаԥысит Аԥсни Никарагууеи ашахматқәа Рфедерациақәа ркомандақәа рыбжьара актәи аиҩызаратә онлаин-турнир.

Атурнир рхы аладырхәит аҩганк рҟынтәи 14 –шықәса зхымҵыц ԥшьҩы-ԥшьҩык ашахматасыҩцәа.

Атурнир аартра ацеремониа аԥсуа ган аҟынтәи рхы аладырхәит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Мадина Воубеи Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа ахаҭарнак Алмас Багаҭелиеи; никарагуатәи аган аҟынтәи – Никарагууа ашахматқәа Рфедерациа ахантәаҩы Гуи Бенданиеи Афедерациа ахаҭарнак Норлан Гаитани.


Read 293 times