Print this page
19.Жәабран.2023

АСЛАН БЖЬАНИЕИ РАШИД НУРГАЛИЕВИ АШӘАРҬАДАРА АГАНАХЬАЛА АԤСНЫ-УРЫСТӘЫЛАТӘИ АУСЕИЦУРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 19,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа иусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиев диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит.  

Аиԥылара аҿы ашәарҭадара аганахьала аԥсны-урыстәылатәи аҩганктәи аусеицуреи актуалра злоу амшхәаԥштәи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә визит  аграфик аҿы иҟоуп гәыԥҩык Урыстәылатәи Афедерациа аофициалтә хаҿқәа рԥылара. В графике рабочей поездки президента Абхазии запланированы встречи с рядом официальных лиц Российской Федерации.   


Read 369 times