Print this page
19.Ажьырныҳәа.2023

АԤСНЫ АРБЏЬАРМЧҚӘА РҾЫ АРРАТӘ МАҴЗУРА АХЫСРАЗЫ АРРАТӘ ААԤХЬАРА ИАҴАНАКУА АҾАР РАЗЫҞАҴАРА АЗЫ АМЕДИЦИНАТӘ ЕИҚӘЫРШӘАРА АПРОГРАММА ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы анапхгаратә хықәкытә программа «Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә маҵзура ахысразы арратә ааԥхьара иаҵанакуа аҿар разыҟаҵара азы амедицинатә еиқәыршәара азы» апрограмма шьақәнарӷәӷәеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Ари апрограмма афинанстәра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аԥаратә хәархәагақәа рыла. 2023  шықәсазы уи иазоужьхоит 450  нызықь мааҭ.

Апрограмма ахықәкы – Аԥсны Арбџьармчқәа маха-шьахалеи психикалеи згәы бзиоу арра ирго аҿар рыла аиқәыршәара алыршара.

Апрограмма  ахыдҵақәа:  – атәылауаа ганрацәалатәи рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара:

а) раԥхьатәи арратә шәҟәҭагалара иаҵанакуа;

б) арратә уалԥшьа анагӡара азы арратә ааԥхьара иаҵанакуа. 

– Арԥарцәа раԥхьатәи арратә шәҟәҭагалара иахысаанӡа есышықәса апрофилактикатә медицинатә гәаҭара рахгара.

 – Аԥсны атәылауаа арратә уалԥшьа анагӡара азы ааԥхьара рыҭара аан ареспубликатә ааԥхьаратә комиссиа аусура аиӷьтәра.


Read 474 times