Print this page
14.Жәабран.2023

АԤСНЫ АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА ИВАКАНТУ АҬЫԤҚӘА РАХЬ АДКЫЛАРА АЗЫ АЛАҲӘАРА ҞАНАҴЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпрессс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иваканту аҭыԥқәа рахь адкылара азы алаҳәара ҟанаҵеит.

Иваканту ҭыԥқәаны иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьауӷа анагӡара Аусбарҭеи Аусеилыргаанӡатәи аамҭалатәи Аԥхьакырҭа амедика-санитартә хәҭа абжьаратәи амедицинатә персонали арежимтә обиектқәеи реиҵбыратәии рыбжьаратәии анапхгараҭаратә еилазаара амаҵзурақәа роуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра аофициалтә саит.

Адыррақәа раиура азы иадҵаалазар ҟалоит абарҭ аҭелқәа рыла:  (+7 940)  927-22-42 .

 .

 

 


Read 344 times