Print this page
28.Ажьырныҳәа.2023

ТАМШЬ АҚЫҬАН ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАЗ АЦҚЬА НИКӘАЛА АЏЬАШЬАХӘҞАҴАҨЫ ИХЬӠ ЗХУ АНЫХАБАА АԤШЬАРА МҨАԤЫСИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Асабша, ажьырнаҳәымза 28 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан  ааигәа еиҭашьақәыргылаз Ацқьа Никәала Аџьашьахәҟаҵаҩы ихьӡ зху ажәытәӡатәи аныхабаа аԥшьара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.  

Анцәахаҵаратә литургиа мҩаԥыргеит Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама ахада, аиереи Виссарион (Аԥлиаа), Аԥсны адинмаҵзура аԥшьаҩцәеи. Аныхабаа аҿы ашәа аҳәон Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа ауахәаматә хор.

Ауахәама аиҭашьақәыргылара хы-шықәса  иреиҳаны имҩаԥысуан. Ҭамшь ақыҭа иалҵыз, уажәаԥхьагьы хра злоу зусқәа рыла ирдыруаз, иахьа Жәлар Реизара-Апарламент адепутатс иҟоу Резо Занҭариа иҟаиҵаз аматериалтә цхыраара иабзоураны еилаҳахьаз ахаҳәқәа рхаҭыԥан ҿыц еиҭашьақәыргылахеит ақыҭа ауахәама.

Ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥшәма ԥҳәыси. Аҳәынҭқарра Ахада аныхабаа зыхә дуу ахҟьа змоу Аԥшьашәҟәы (Абиблиа) ҳамҭас иаиҭеит.

Анцәахаҵаратә литургиа иара убас Тамшь ақыҭауааи Ҭамшь иалҵызи рхы аладырхәит.  

 

 


Read 305 times - Ашәахьа, 13 Жәабран 2023 00:03