Уи иара убас Мрагыларатәи Ҭырқәтәыла аԥсуа диаспора икомпактны иахьынхо аҭыԥқәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала агуманитартә цхыраара анашьҭра ахыркәшара азы адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь адырра ҟаиҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә зинмчы змоу ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны ҩыџьа ҳџьынџьуаа ҭахеит.
«Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла уаҳа ҳџьынџьуаа рҟынтәи аӡәгьы дҭамхаӡеит, аӡәгьы ахәрақәа имоуӡеит», - ҳәа иҳәеит Ибрахим Аҩӡба.