Print this page
09.Жәабран.2023

ДМИТРИ КЕТИА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АҞНЫ ИҞОУ АԤСНЫ АЦҲАРАЖӘҲӘАРҬА АБЖЬГАҨ-ЦҲАРАЖӘҲӘАҨЫС ДҞАҴОУП.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дмитри Кетиа Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Дмитри Кетиа иҭакԥхықәрахь иаҵанаклоит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ааигәатәи Мрагылара атәылақәа адипломатиатә хаҭарнакрақәеи Ацҳаражәҳәарҭеи реизыҟазаашьақәа акоординациа аҭара.  

Уаанӡа Дмитри Кетиа иҷыдоу анапынҵақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳаражәҳәаҩ имаҵураҭыԥ ааникылон.


Read 358 times