Print this page
08.Жәабран.2023

АԤСНЫ АԤСАБАРАХЬЧАРАТӘ ПРОКУРАТУРА АЛА ГӘЫЛРЫԤШЬ АРАИОН АҾЫ АӠРЫЖӘТӘ АЛА АИҚӘЫРШӘАРА ИАЗКУ АОБИЕКТҚӘЕИ АЦРЫӠРЫЦҚЬАРАТӘ ЕИҚӘЫРШӘАГАҚӘЕИ РУСУРА АГӘАҬАРА МҨАԤГАН.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсабарахьчаратә прокуратура ала Гәылрыԥшь араион аҿы аӡрыжәтә ала аиқәыршәара иазку аобиектқәеи ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәеи русура асанитартә ԥҟарақәеи анормақәеи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵареи иахьынӡарықәшәо аилкааразы агәаҭарақәа мҩаԥган.  

Агәаҭарақәа раан иаарԥшыз аилагарақәа асанитартә ԥҟарақәеи асанепидемиатә нормақәеи рықәымныҟәара иахҟьеит.

Аԥсабарахьчаратә прокуратура имҩаԥнагаз агәаҭара аихшьаалақәа рыла, Гәылрыԥшь араион Ахадара ашҟа иаарԥшыз асанитартә нормақәеи аԥҟарақәеи реилагарақәа рырҽеира азы азԥхьанҵа нашьҭхеит..

 


Read 366 times - Аԥшьаша, 09 Жәабран 2023 10:33