Иара убас аусеицура ихадоу ахырхарҭақәа алкаахеит, аҩганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Евразиатәи аинтеграциа азҵаарақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыда Игорь Ахба Евразиа ажәларқәа Рассамблеиа амаӡаныҟәгаҩ Хада Андреи Белианинов диԥылеит.
Аиԥылара аҿы евразиатә ҵакыра аҿы агуманитартә усеицуреи апартниорреи жәлар рдипломатиа аҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Иара убас аусеицура ихадоу ахырхарҭақәа алкаахеит, аҩганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.