Print this page
08.Жәабран.2023

АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АСАХЬАҬЫХЫҨ ҾАРАЦӘА ИААРТУ АЦӘЫРГАҚӘҴА АХЬ ААԤХЬАРА РОУИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аусбарҭа Аҟәа инхо асахьаҭыхыҩ ҿарацәа (30 шықәса зхымҵыц) иаарту ацәыргақәҵа алахәхара азы ааԥхьара рнаҭоит.

Аиԥылара мҩаԥгахоит жәабранмза 13 Аусбарҭа аофис ахыбра аҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Марр имҩа, аҩны № 8. 

Аиԥылара аҿы асахьаҭыхыҩ ҿарацәа рпотенциал аарԥшра иадҳәалоу апроблемақәеи, иара убас арҿиара знапы алаку аҿар аус рыдулара аҳәаақәа ирҭагӡаны 2023 шықәсазы Аусбарҭа аҿы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыплани ирылацәажәоит.


Read 336 times