Print this page
08.Жәабран.2023

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АДЕЛИМИТАЦИА АЗЫ АКОМИССИА АУСУРА ЕИҬАЛАГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 8,  2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Баслан Џьопуа аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшынтә ҵакырақәа реизшареи рзы аҳәынҭқарратә Комиссиа ҳазҭалаз ашықәс азы раԥхьатәи аилатәара мҩаԥигеит.    

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза 09, 2022 шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара амшынтә ҵакырақәа реизшареи рзы аҳәынҭқарратә Комиссиа аилазаара шьақәырӷәӷәахеит.  

Акомисиа ахантәаҩыс дҟаҵоуп атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.

Акомиссиа аилазаара иалалеит ареспублика еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәеи аминистррақәеи рхаҭарнакцәа.


Read 295 times - Аԥшьаша, 09 Жәабран 2023 16:52