Print this page
07.Жәабран.2023

ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АИҚӘЫРХАҨЦӘА АҚЫҬАУАА ИРЫԤШААЗ АРҬҞӘАЦГАҚӘА РЫҚӘГАРА МҨАԤЫРГЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьха ашьапаҿы иԥсаҟьаны икажьыз ажәытә рҭҟәацгақәа жәабран 6 рзы Гәдоуҭа араион ақыҭа Амжыкхәа (ԥыхьатәи Агараки ақыҭа) аҿы ақыҭауаа рыла иԥшаан. Урҭ рыԥшаамҭа азы адырра Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь иҟарҵеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иԥшааз арҭҟәацгақәа ирылан ареактивтә ашьаҟартә амцаршәгақәа «Шмель» ҩ-цырак, ареактивтә атанкҿагыларатә граната, анапылатә гранатаршәга ПГ-7, уи иақәшәо аџьаԥҳани, анапытә кумулиативтә граната, ашьаҟарҿагыларатә минақәа ԥшьба.

Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апиротехникатә ҟәша аусзуҩцәа аҭыԥ аҿы инеины ақыҭауаа ирыԥшааз абџьари аџьаԥҳани ықәганы иаҳа иахьшәарҭам аҭыԥ ахь инаганы иԥыржәеит.


Read 450 times