Print this page
07.Жәабран.2023

ЛАША АШӘБА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИҞОУ АԤСУЦА КУЛЬТУРАТӘ ЦЕНТРҚӘА РФЕДЕРАЦИА АХАНТӘАҨЫ ИХЬӠАЛА АДЫШШЫЛАРА ИШЬҬИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа Ахантәаҩы Мураҭ Махариа ихьӡала адышшылара ҟаиҵеит.

 

Адышшылараҟны иҳәоуп: 

 

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа, ҳтәыла ауааԥсыра зегьы реиԥш гәалсра дула ирыдыркылеит иахьа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟны иҟалаз адгьылҵысра ду ахҟьа-ԥҟьақәа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ауаа аӡәырҩы ҭахеит, зықьҩыла ахәрақәа роуит, нхарҭада инхеит, рыцҳарас иҟалаз, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳџьынџьуаа – аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәагьы.

Гәалсра дула ҳрыдышшылоит иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, рхьаа рыцеиҩаҳшоит ари арыцҳараҟны ааха зауз зегьы».

 


Read 315 times