Аҟәа. Жәабранмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Донбасс ауааԥсыра рзинқәа рыхьчара аан иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥсарашьҭахь Агәымшәара амедал ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит: Адлеиба Иракли Валериан-иԥа; Андрусенко Олег Лев-иԥа; Гадлиа Евгени Аполлон-иԥа; Лысенко Валери Владимир-иԥа; Тәанба Азамаҭ Виачеслав-иԥа.