Print this page
04.Жәабран.2023

ТАИТӘИ АБОКС АЗЫ АИЦЛАБРАҚӘА РҾЫ АԤСНЫТӘИ АСПОРТСМЕНЦӘА АХЬТӘЫ МЕДАЛҚӘА ХԤА РАНАШЬАХЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә аҿы имҩаԥысуаз таитәи абокс азы аицлабрақәа рҿы ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит.

Краснодартәи атәылаҿацә астаница Крыловскаиа аҿы араион ахада Ихраҿа агаразы имҩаԥысыз таитәи абокс азы аицлабрақәа рҿы аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа хԥа ранашьахеит.

 

Ераст Ажьиба 12-13 шықәса зхыҵуа, зыкапантә категориа  32 кьыла рҟынӡа инаӡо аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит, Артиом Хачатриан 10-11 шықәса зхыҵуа, зыкапантә категориа  32 кьыла рҟынӡа инаӡо аспортсменцәа рыбжьара аиааира игеит, Леон Ванџьашь 8-9 шықәса зхыҵуа, зыкапантә категориа  22 кьыла рҟынӡа инаӡо аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит.

Иара убас, Аԥснытәи аспортсменцәа аҩбатәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит.


Read 325 times - Амҽыша, 05 Жәабран 2023 13:11