Арратә ҽазыҟаҵарақәа рцашьа агәаҭаразы арахь дымҩахыҵит арратә дҵаҟаҵаҩ Хада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра иатәу азеиԥшарратә хысырҭа «Нагвалоу» аҿы иҷыдоу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Араҟа артиллериатә, атанктә, амотохысратә ҟәшеиҵақәа русура аметод ҿыцқәа аус рыдулара мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Арратә ҽазыҟаҵарақәа рцашьа агәаҭаразы арахь дымҩахыҵит арратә дҵаҟаҵаҩ Хада, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.