Print this page
03.Жәабран.2023

АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗЫЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АПЛАН НАНАГӠЕИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 2023 шықәса рзы аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ  183,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ажьырныҳәамза  2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз аплан 111% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Иҳаҩсыз ашықәс ажьырныҳәамза иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ҳазҭоу ашықәс азы аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ 49,4 млн. мааҭ рыла еиҳахеит.      


Read 359 times - Амҽыша, 05 Жәабран 2023 13:14