Print this page
03.Жәабран.2023

АПАРЛАМЕНТ АХЬ ИНАШЬҬУП «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АПРОКУРАТУРА АЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ ҾЫЦ.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба Аԥсны Аконтитуциа ахәҭаҷ  46 инақәыршәаны, азакәанԥҵаратә инициатива иашьашәаланы, Жәлар Реизара-Апарламент ахь идәықәнаҵеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура азы» азакәан апроект ҿыц.  

Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа ихантәаҩрала «Аԥсны апрокуратура азы» азакәан аредакциа ҿыц апроект аус адулара азы аусуратә гәыԥ аԥҵан.  Аусуратә гәыԥ аилазаара иалалеит Апрокуратура Хада аусбарҭақәеи аҟәшақәеи рнапхгаҩцәа.

Зыдгалара мҩаԥысуа апроект азакәан ахадареи азакәанра акзаареи арӷәӷәареи ауаҩи атәылауаҩи рхақәиҭреи ринтересқәеи, иара убас азакәан ахьчара аҵаҟа иҟоу ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа рыхьчара ашьақәырӷәӷәара иазку Аԥсны Аконституциа ахылаԥшра аҭареи ареспублика иахьаҵанакуа аус зуа азакәанқәа рынагӡара алыршаразы еиқәыршәоуп.


Read 856 times - Амҽыша, 05 Жәабран 2023 13:13