Print this page
02.Жәабран.2023

АԤСНЫТӘИ АДЕЛЕГАЦИА КАЗАНЬ АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИҞОУ АТЕХНОПОЛИС “ХИМГРАД” ИАҬААИТ.

Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган напхгара зылҭо аделегациа жәабранмза 1 азы иаҭааит Казань ақалақь аҿы иҟоу, Урыстәыла раԥхьатәи асертификациа зызу аиндустриалтә   парк «Химград».

Аделегациа атехнополис «Химград» аусура атәы, уи иамоу хра злоу аганқәа, арезидентқәа, араҟа иҭрыжьуа аалыҵи, иара убас Ареспублика Ҭаҭарсҭани Ареспублика Узбекьисҭани еицынарыгӡо апроектны иҟоу атехнопарк «Чирчик», уҳәа ртәы рзеиҭарҳәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит асаит himgrad.ru.

Аԥснытәи аделегациа аиндустриалтә парк арезидентқәа – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «НПП «Имплант», Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара  «Индустриальные Дроны» анаплакқәа ирҭааит. Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «НПП «Имплант» атитантә еилаҭәа ашьаҭала иҟаҵоу аимплатқәа ҭнажьуеит.  

Араҟа иҭыжьхо аалыҵ аиҳарак аҳәаанырцәтәи аҭыжьыҩцәа раалыҵ аналогқәаны иҟоуп.  Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Индустриальные Дроны» ҳаамҭазтәи аквадракоптерқәеи аҵәиԥрыгақәеи иаабац рысхема еиԥшым аинновациатә компановка змоу аԥырҩыда иԥыруа аҳаиртә аппаратқәа реиқәыршәареи рҭыжьреи мҩаԥнагоит.

 

 


Read 426 times - Ахәаша, 03 Жәабран 2023 10:46