2022 шықәсазы Аԥсны иҟалеит 214 амҩатә машәыр, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 64-ҩык, 296-ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәса иалагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аусзуҩцәа рыла административтә зинеилагарақәа рзы зеицҵалыҵ 71 млн 389 нызықь 670 мааҭ рҟынӡа инаӡо ахараԥсақәа ылҩаахеит.
Зынӡа иааизакны ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 70 430 автотранспорттә хархәагақәа.
2022 шықәсазы Аԥсны иҟалеит 214 амҩатә машәыр, урҭ ирыхҟьаны иҭахеит 64-ҩык, 296-ҩык еиуеиԥшым ахәрақәа роуит.