Print this page
31.Ажьырныҳәа.2023

АПАРЛАМЕНТ АҞНЫ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ НХЫҴ КАВКАЗ АРЕСПУБЛИКАҚӘЕИ РЕИЗЫҞАЗААШЬА АРҾИАРА ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба афбатәи ааԥхьара адепутатцәа, аекспетрттә фонд «Аамҭа» ахаҭарнакцәа Натали Смыри Алхас Џьынџьали дырԥылеит.

Аиԥылара ихы аладырхәит Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Ҳагба, адепутат Инар Гыцба.

Аиԥылара иалахәыз Аԥсни Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи реизыҟазаашьақәа ринтенсификациа, иара убас иҟоу азҵаарақәа рыӡбареи иҟаҵаз ажәалагалақәа рынагӡареи рзы иҟаҵатәу азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

 


Read 426 times - Ахаша, 01 Жәабран 2023 23:36