Print this page
24.Ажьырныҳәа.2023

ТАРАС ҲАГБА АԤСНЫ АҾАРИ АСПОРТИ РУСҚӘА РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АХАНТӘАҨЫС ДҞАҴОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тарас Ҳагба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы дҟаҵазааит Ҳагба Тарас Мирон-иԥа» - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада ажьырныҳәамза 23, 2023 шықәсазы иҭижьыз Аусԥҟа атекст аҟны.


Read 1447 times - Аԥшьаша, 26 Ажьырныҳәа 2023 12:49