Print this page
18.Ажьырныҳәа.2023

ЛАША АШӘБЕИ МИХАИЛ ШУРГАЛИНИ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АХЫСРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара.

Аиԥылара иалахәын Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, азинтә зҵаарақәа рзы Аиҳабы иабжьгаҩ хада Денис Киут, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.

Аиԥылара иалахәыз алацәажәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирызку актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы, иара убас аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысра иадҳәалоу азҵаарагьы.


Read 389 times