ҞабардаБалкариатәи хатәгәаԥхарала аибашьҩы, Леон иорден занашьоу Заур Пежев иан Лера Пежева ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит. Ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы лыԥсҭазаара далҵит Зельма Науржанова – Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҟынтәи раԥхьа иҭахаз, ԥсрашьҭахь Леон иорден занашьоу Ибрагим Науржанов иан. Лиалиа Чамагәуеи Ирина Кәакәасқьыри иара убас ирҭаааит хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аибашьраҿы иҭахаз Руслан Желитежеви Гена Карданови рҭаацәа. Ҟабарда-Балкариатәи хатәгәаԥхарала аибашьцәа Реидгыла ахантәаҩы дрыцны аԥснытәи аделегациа Аԥсны Афырхаҵа Гена Карданов анышә дахьамадоу иаҭааны ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.