Print this page
15.Ажьырныҳәа.2023

ГӘДОУҬА АРАИОН АҾЫ АԤСТӘБАРА ЗЦУ АМҨАТӘ МАШӘЫР ҞАЛЕИТ.

Аҟәа. Ажьырныҳәмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭа азааигәара автотрасса аҟны автомашьына ВАЗ 21-01 амҩа иаԥну ашьаҟа иаахеит. Амҩатә машәыр шыҟалаз азы адырра Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра ахь иҟалеит 9 сааҭи 05 минуҭи рзы.

Аҭыԥ ахь инеиз аиқәырхаҩцәа автомашьына иҭыргеит иҭахаз автомашьына арныҟәцаҩ иԥсыбаҩ. 

 

 


Read 406 times - Аҩаша, 17 Ажьырныҳәа 2023 11:23