Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба «Акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-19 хацәнымырха аҿагылара азы» ахылԥшратә медалқәа ранашьара мҩаԥигеит. Аҳамҭақәа ранашьахеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан, афинанс-економикатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Маргарита Чепниан, Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, аинформациа аҟәша анапхгаҩы Дамеи Касланӡиа.
«Шәара зегьы
хаҭала ҳтәыла иахаԥаз акыр ишәарҭоу ачымазара аҿагылараҿы хра злоу шәлагала ыҟоуп. Шәара аԥсшьарамшқәа рыда, ааԥсарак ҟамҵа, шәхатәы ԥсҭазаара насҭха иааныжьны ауааԥсыра ргәабзиара аиӷьтәра иазку шәусура нашәыгӡон. Аҩызцәа, даҽазныкгьы гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасшәарц сҭахуп», - ҳәа иҳәеит Едуард Быҭәба.