Print this page
28.Ԥхынҷкәын.2022

АҚАЛАҚЬ САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИҬЫҴИТ «ИРКЬАҾУ АԤСУА ЕНЦИКЛОПЕДИА» АКТӘИ АТОМ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Санкт-Петербург иҭыҵит Аԥсны Аҭҵаара-дырратә центр ала еиқәыршәоу «Иркьаҿу аԥсуа енциклопедиа» актәи атом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит аҭыжьымҭа «Азиндырратә центр» адиректор Ирина Дамениа.

Аҭыжьымҭа аредактор хада – афилологиатә наукақәа ркандидат Васили Аҩӡба.  

Ашәҟәы иалалеит 3000 инареиҳаны Аԥсны иазку абиографиатә, агеографиатә, аҭоурыхтә, аетнографиатә, археологиатә дыррақәа.

Аҩбатәи атом аус адулара мҩаԥысуеит, уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны иҭыжьхоит.


Read 462 times