Print this page
26.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АԤЫЗА-МИНИСТР АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр Александр Анқәаб ииубилеи идиныҳәалеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аиҳабыра Анапхгаҩы изеиӷьеишьеит агәабзиара, аихьӡарақәа инапы злаку аҳәынҭқарратә усураҿы.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи рыҟны илагаламҭа дуи активла ауаажәларра-политикатә усура алахәреи рзы Анқәаб Александр Золотинск-иԥа ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара.

 

 


Read 563 times