Print this page
25.Ԥхынҷкәын.2022

ГӘДОУҬАТӘИ АИҚӘԤАҨЦӘА АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АТУРНИР АҾЫ АԤХЬАХӘТӘ ҬЫԤҚӘА ААНЫРКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭатәи аиқәԥаҩцәа Ԥхынҷкәынмза 23-24 рзы Кисловодск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз арԥарцәа рыбжьара иаарту ашықәҿыцтәи атурнир аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Азыҟаҵаҩцәа Дауҭ Лазбеи Адам Цәеибеи актәи ҭыԥки аҩбатәи х-ҭыԥки ааныркылеит.

Даниил Ԥлиа 57 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит, Алан Герзмаа 57 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит, Азамаҭ Лазба 58 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара араӡны медал ианашьахеит, Леон Малиа 68 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара ҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.  

Зынӡа атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла арегионқәа рҟынтәи 100-ҩык   аспортсменцәа. 


Read 730 times - Ашәахьа, 26 Ԥхынҷкәын 2022 11:29