Print this page
24.Ԥхынҷкәын.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИХАҬЫԤУАҨ БАДРА ГӘЫНБА АТӘЫЛАХЬЧАРАТӘ ҴАКЫ ЗМОУ АОБИЕКТҚӘА РҬАГЫЛАЗААШЬА АХӘАԤШРАЗЫ АГӘАҬАРАТӘ УСМҨАԤГАТӘ МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Бадра Гәынба атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рҭагылазаашьа ахәаԥшразы агәаҭаратә усмҩаԥгатә мҩаԥигеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵала Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба асабша, ԥхынҷкәынмза 24 рзы атәылахьчаратә ҵакы змоу аобиектқәа рҭагылазаашьа ахәаԥшразы анҭыҵтәи агәаҭаратә усмҩаԥгатә мҩаԥигеит.

Агәаҭаратә ныҟәара мҩаԥысит амобилизациатә зыҟаҵара иазку азыӡба анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аусмҩаԥгатә иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов,  атәылахьчара аминистр Владимир Ануа,   атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-алеитинант Владимир Савченко, атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа, шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

 


Read 459 times