Print this page
23.Ԥхынҷкәын.2022

БАСЛАХӘ АҚЫҬАУАА РЫҨНҚӘА АӠЫ РЫҚӘЛАРА АПРОБЛЕМА АӠБАРАҾЫ АЦХЫРААРА ИАҲӘОИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Очамчыра араион Баслахә ақыҭа ахада Даур Пагавеи араионтә Еизара адепутат Коба Ҷыҭанааи идикылеит.  Урҭ аԥыза-министр Аалӡга ақыҭа аӡышьҭра аҿы иҟаз адамба аилыбгара иахҟьаны 30 инарзынаԥшуа анхарҭақәа аӡы рықәлара ашәарҭара ыҟоуп ҳәа адырра ҟарҵеит.

Ақыҭа ахада иара убас ақыҭа школ аиҭашьақәыргылареи аспорттә плошьадка аргылареи рзы аԥыза-министр иахь аҳәара ҟаиҵеит.

Алеқсандр Анқәаб  апрофилтә маҵзурақәа иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵаареи иахәҭоу ажәалагалақәа рыҟаҵареи рзы анапынҵақәа риҭеит.

Аиԥылара иара убас ихы алаирхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Венори Бебиа.


Read 690 times - Асабша, 24 Ԥхынҷкәын 2022 15:10