«Шәара аԥышәа ду змоу, зымчхара рацәоу анапхгаҩы, агәра ганы сыҟоуп Шәара аҳҭнықалақь аҿы аҭагылазаашьа – уи аекономика, аҭеиҭыԥш, ааиқәыршәазаара аиӷьтәра азы инашәыгӡо аусура хра злоу алҵшәақәа шаанарԥшуа. Ахәҭакахьала, атәыла Анапхгара Шәара ари имариам аусура аҿы ганрацәала ацхыраара шәынаҭалоит», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.