Print this page
23.Ԥхынҷкәын.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА “АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АЕНЕРГЕТИК” ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ АНАШЬАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аенергетик» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы анашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.  

Шықәсырацәа инеиԥынкыланы аенергетикатә усхкы аҿы хра злоу аусуреи зыҩаӡара ҳараку азанааҭдырреи рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аенергетик» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ранашьахеит:

Абшьылаа Реваз Ирадион-иԥа,

Агрба Нури Виктор-иԥа,

Адлеиба Геннади Гьаргь-иԥа,

Ригвава Оҭари Михаил-иԥа,

Чачхалиа Ирод Илларион-иԥа. Последнее изменение Пятница, 23 декабря 2022 18:46 Опубликовано в Новости.

 

 


Read 575 times - Амҽыша, 25 Ԥхынҷкәын 2022 11:59