Print this page
23.Ԥхынҷкәын.2022

ЛЕВ КӘЫҴНИА АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ ДОНБАССҞА ИЦАРА ШЫМҨАԤЫСЫЗ АТӘЫ ИЗЕИҬЕИҲӘЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи, иара убас Херсонтәии Запорожтәии аобластқәа рахь ицара шымҩаԥысыз атәы изеиҭеиҳәеит.  Иарбоу Урыстәыла иҿыцу арегионқәа рахь ацара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агуманитартә цхыраара аҟаҵара азы инапынҵа ала  еиҿкаан.  

Аминистр иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 100 тоннак инареиҳаны амандаринақәа ргара алыршахеит. Агуманитартә еидара ахәҭак ахәыҷбаҳчақәеи згәабзиаратә лшарақәа ԥку ахәыҷқәа рзы ашколи рахь идәықәҵахеит.

Аԥыза-министр қәҿиарала имҩаԥгаз амиссиа азы аминистр иҭабуп ҳәа еиҳәеит, ҳәа иаанацҳауеит атәыла Анапхгара аофициалтә саит.


Read 574 times - Амҽыша, 25 Ԥхынҷкәын 2022 11:58