Print this page
22.Ԥхынҷкәын.2022

АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АХАДАРА АҾЫ АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫМҨԤГАРА АПЛАН ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан шьақәдырӷәӷәеит. Атәыла аԥсаӡҵла Хада аныҳәатә аартра ацеремониа мҩаԥысуеит Ахақәиҭра Ашҭаҿы, ԥхынҷкәынмза  25, асааҭ  18:00 рзы. Ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи арлахҿыхратә программақәа аҳҭнықалақь аҳаблақәа зегьы рҿы еиҿкаахоит.  

Ԥхынҷкәынмза 26 – 29 рзы Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа Ашықәс Ҿыц рыдныҳәалара  иазку амузыкатә қәгылара мҩаԥысуеит.  Иара убас ауаҩы ишәара иҟоу акьанџьақәа рыцнеиааиреи афотосессиақәеи еиҿкаахоит.

Ԥхынҷкәынмза 25 инаркны ажьырныҳәамза  10 аҟынӡа Ахақәиҭра ашҭаҿы, иаарту акинотеатр аҟны ашықәсҿыц атематика ала иҭыху афильмқәеи амультфильмқәеи дырбара еиҿкаахоит.  

Ԥхынҷкәынмза 26 инаркны аԥсаӡҵла Хада аҿаԥхьеи Амҳаџьараа Рымшаҳәеи рҿы аконцертқәа мҩаԥыслоит.

Ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса  асааҭ 01:00 рзы, Ахақәиҭра Ашҭаҿы Ашықәс Ҿыц алагара ахьӡала афеиерверк ҟалоит.   


Read 524 times