Print this page
20.Ԥхынҷкәын.2022

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИУБАРҬА АҞНЫ ИМҨАԤЫСИТ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҲАИРТӘ БАӶӘАЗА «АҞӘА» ХӘҬА-ХӘҬАЛАТӘИ АҾИАРАЗЫ АПЛАН АПРОЕКТ АӠЫРГАРА.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны имҩаԥысит В. Арӡынба ихьӡ зху  Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» хәҭа-хәҭалатәи аҿиаразы аплан апроект аӡыргара.

Ленаҳаиртәпроект  аҳаиртә транспорт апроекттә институт апроект-харџьынҵатә документациеи хәҭа-хәҭалатәи арҿиара аплан апроект азырхиареи аус рыдызуло аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҳаиртә баӷәаза аусура аларгаразы абри апроект иамоу аҵак ду.

«Атәылазы аҵак ду змоу апроект анагӡара ҷыдала ахылаԥшра аиҭоит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Ҳарҭ иаҳҭахуп аиҭашьақәыргылара ахаҭабзиара аманы ианаамҭоу имҩаԥысырц. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иахьазы иҟаҵоу аусуразы. Агәра згоит алҵшәа шыбзиахо», - ҳәа иҳәеит  Бадра Гәынба.

Апрезентациа иалахәын аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, Зураб Қаџьаиа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭемраз Амқәаб, В. Арӡынба ихьӡ зху «Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» адиректор Виачеслав  Ешба.

--


Read 565 times