Print this page
21.Ԥхынҷкәын.2022

АПОЛЛОН ДУМАА «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА ЗҼАԤСАЗТӘЫЗ АЖУРНАЛИСТ” ҲӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ ИАНАШЬОУП.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Апполон Думаа «Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Шықәсы рацәа инеиԥынкыланы иусуреи апублицистика аҿы илагалеи рзы, Думаа Аполлон Нестор-иԥа ианашьазааит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз ажурналист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы» , - иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иахьа,

ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса рзы иҭижьыз  Аусԥҟа атекст аҿы.

 


Read 1723 times - Ахаша, 21 Ԥхынҷкәын 2022 22:26