Print this page
21.Ԥхынҷкәын.2022

АХӘААХӘҬРАТӘ ЦӘАҲӘА «ГРАНД БАЗАР» АҾЫ ИБЛИТ АДӘҚЬАНҚӘА ЖӘАБА.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21 рзы ашьжьымҭан, Аҟәа ақалақь, Арӡынба имҩаду ала иҟоу  ахәаахәҭратә цәаҳәа «Гранд базар»  амца акит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Иҟоу заанаҵтәи адыррақәа рыла, зны ахәаахәҭратә обиектқәа руак амца акит, анаҩс амца ааигәа иҟоу адәқьанқәа рахь икшеит.

Амцакра иахҟьаны иблит ахәаахәҭратә обиектқәа жәаба. Аӡәгьы ааха имоуӡеит.  


Read 1498 times - Ахаша, 21 Ԥхынҷкәын 2022 21:25