Print this page
13.Ԥхынҷкәын.2022

АИҚӘԤАҨ АЛЕҚСАНДР АШӘБА АКЛАССИКАТӘ ЕИҚӘԤАРА АЗЫ АИЦЛАБРАҚӘА РҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААНИКЫЛЕИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсмен Алеқсандр Ашәба XXXV Москватәи астуденттә спорттә хәмаррақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз аклассикатә еиқәԥара азы аицлабрақәа рҿы актәи аҭыԥ ааникылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аицлабрақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 11 рзы аспортсмен Алеқсандр Ашәба зыхьӡала дықәгылоз Москватәи аҳәынҭқарратә ргыларатә Университет аспорт Ахан аҿы.  

Аспортсмен азыҟаҵаҩ Игорь Бераиа иааӡамҭа иоуп.


Read 1431 times - Аҩаша, 13 Ԥхынҷкәын 2022 20:28