Print this page
12.Ԥхынҷкәын.2022

АԤСНЫ АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АКОНСТИТУЦИА АМШ АЗГӘАҬАРА ИНАМАДАНЫ УРЫСТӘЫЛА АДӘНЫҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АХЬ АДӘНЫҲӘАЛАРА НАНАШЬҬИТ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара нанашьҭит.

 

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

 

«1993 шықәса ԥхынҷкәын 12 Урыстәылатәи аҳәынҭқарра асимвол хадақәа иреиуоуп, аҵак ду амоуп. Ари аныҳәа атәылаҿ азакәан аҳреи ауаажәларра реидгылареи ирымшныҳәоуп.

Аконституциа адкылара инаркны имҩасыз ашықәсқәа зегьы Урыстәылатәи Афедерациа аҩнуҵҟатә политикаҿы аконституциатә принципқәа ирықәныҟәо иааиуеит, жәларбжьаратәи апозициақәагьы акырӡа иарӷәӷәеит.

Ҳара Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара ишьақәгылаз аимадареи аусеицуратә еизыҟазаашьақәеи рыхә ҳаракны иаҳшьоит, ԥхьаҟагьы еиҳа-еиҳа иҿиалап ҳәа агәра ганы ҳаҟоуп.»

                         

 

 


Read 401 times